Жәларбжьаратәи аекономикатә форум алҵшәақәа реихшьаалара иазкыз аилатәара мҩаҧигеит Аҧсны Ахада
Аҧсны имҩаҧысыз Жәларбжьаратәи аекономикатә форум алҵшәақәа реихшьаалара иазкыз аиҿкааратә хеилак аилатәара мҩаҧигеит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба. Афорум аусуразы аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа иҟарҵаз ажәалагалақәа дырзыӡырҩит. Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит уи иалахәыз зегьы имҩаҧыргаз аусуразы. Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит аекономикатә форум есышықәсатәи платформаны ишазхаҵоу.
Название:
Жәларбжьаратәи аекономикатә форум алҵшәақәа реихшьаалара иазкыз аилатәара мҩаҧигеит Аҧсны Ахада
Категория:
Разное