ААУ аҿы имҩаҧысуит Афонҿыцтәи аҳаҧы иазку жәларбжьаратәи анаукатә конференциа
«Афонҿыцтәи аҳаҧы - Аҧсны аҧшӡарақәа рыҭҵаара» абас ахьӡуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаҧысуа жәларбжьаратәи анаукатә конференциа. Уи Афон-Ҿыцтәи аҳаҧы 50 шықәса ахыҵреи иара аазыртыз аспелеолог Гиви Смыр диижҭеи 80 шықәса аҵреи ирызкуп. Ари аконференциа иалахәуп еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҟынтә аҵарауаа гәыҧ-ҩык. Иара убас изҭаху онлаин аформат ала аконференциа рхы аладарыхәыртә еиҧш алшара рзаҧҵоуп.
Название:
ААУ аҿы имҩаҧысуит Афонҿыцтәи аҳаҧы иазку жәларбжьаратәи анаукатә конференциа
Категория:
Разное